pressadmin-2
Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа ақыҭа ашықәс амҩаԥгаразы Аиҿкааратә еилакы аилатәара мҩаԥигеит
Аиҿкааратә еилакы аусура рхы аладырхәит Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, аминистрцәа, аҳәынҭқарратә усбарҭа хадақәа рнапхгаҩцәа, араионқәа рхадацәа.
Аԥсны ашколқәа роушьҭымҭацәа 169-ҩык ААУ адкыларатә ԥышәарақәа рыда иҭаҵазарц азы абжьгара ҟаҵоуп
«Ашколхәыҷқәа ролимпиада "Аҳаракырахь амҩа-2026" иалахәын 628-ҩык 11-тәи акласс аҵаҩцәеи 100-ҩык ажәабатәи акласс аҵаҩцәеи. Сынтәа аолимпиада аформат ԥсахын. Раԥхьаӡа акәны хә-маҭәарк рзы аолимпиада алахәхаразы алшара рыҭан 10-тәи аклассқәа рҵаҩцәа.
Енвер Ажьиба Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа напхгаҩыс далхуп
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа анапхгаҩы ҿыц далхын Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аконференц-зал аҿы имҩаԥысыз Ассоциациа изаамҭанутәиу аилатәараҿы.
Гәыли Кьычба Урыстәыла Ауаажәларратә палата ажәбатәи аилазаара актәи апленартә еилатәараҿы дықәгылеит
Аԥсны Ауаажәларратә палата ахьӡала лколлегацәа ирыдылныҳәалеит Урыстәыла Ауаажәларратә палата аилазаара ҿыц ашьақәыргылара, иҭабуп ҳәа ралҳәеит русеицура аҿиаразы.
«Идыру ахьӡқәа»: афилармониаҿы имҩаԥысит аԥсуа композиторцәа — Ражден Гәымба, Константин Ченгелиа, Оҭар Хәынҵариа риубилеиқәа ирызку аконцерт
Ахәылԥаз аартуа амузыкаҭҵааҩы Асида Царгәыш иазгәалҭеит аиубилиарцәа аԥсуа профессионалтә музыка аҿиараҿы рлагала.







