pressadmin-2
Акультуратә аԥшьгарақәа рзы Ахада ифонд апроектқәа 10 адгылара рнаҭеит, 16-тәи агранттә еицлабра аихшьаалақәа рыла
Ишьақәырӷәӷәоу аԥаразоужьра иартәоит -260,7 млн мааҭ, даҽа 255,4 млн мааҭ апроектқәа равторцәа еицырзеиԥшу афинансркра аҳасабала ирыҭахоит. Абри атәы аанацҳауеит Афонд акоммуникациақәа рдепартамент.
2025 шықәсазы Егрытәи аӡфымцатә станциа аусура аҟынтәи 43% афымцалашара Аԥсны иаиоуит
Афымцамч аихшара шьаҭас иамоуп 1992 – 1993 шш.Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра анеилга ашьҭахь ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра, аха уи уажәгьы аофициалтә ҟазшьа амам. Ари аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Егрытәи аӡфымцатә станциа иаанашьҭуа афымцамч 40% Аԥсны иаиуеит, 60 % — Қырҭтәыла.
Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә банк 200 аԥсар ицо абанкнота «Нестор Лакоба» аикәшарахь иҭнажьит
Ҭырқәтәылеи, Азербаиџьани, Қырҭтәылеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Сҭампыл имҩаԥыргаз аиԥылара ахҳәаа анаҭеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра
Ашәҟәаҿы ҩаԥхьа иазгәаҭоуп Қырҭтәыла аҵакыратә акзаара аиҭашьақәыргылара аҵак ду шамоу, уи Аԥсны зинла иҵаҵӷәыдоуп ҳәа иаԥхьаӡоит.
ААУ актәи апроректор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар иҳәеит анорматив-зинтә шьаҭеи акадртә уасхыри раԥҵара аҵак ду шамоу
«Иԥсабаратәым аинтеллекти, атехнологиа ҳаракқәеи, IT-ахырхарҭақәеи русхк аҟны аинвестициатә зҿлымҳахара макьана иубаӡом. Уи ишиашоу аҭагылазаашьақәа рыҟамзаара иадҳәалоуп», - иҳәеит Дбар.
IT-школ «Стемлаб» арҵаратә центр адиректор Алмасхан Марколиа ажәалагала ҟаиҵеит зтехнологиа ҳараку абизнес азы азинҷыдақәа аҵарадырра аҿиара иадырҳәаларц
«Афинанстә инвестициақәеи аусурҭатә ҭыԥқәа раԥҵареи рымацара ракәымкәа ашәахтә зинҷыдақәа рыҭара азԥхьагәаҭатәуп. Аилахәырақәа аҭыԥантәи акадрқәа разыҟаҵара иаҿызароуп. Уи иаҵанакуеит ҳҿар рзы аԥышәа аизырҳареи апроекттә уснагӡатәқәа рыӡбара ралархәреи», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Марколиа.
«Ҳара иаҳуалуп аицлабра зылшо аалыҵ аус адулара», – иҳәеит ЗҲәА амобилтә еилахәыра «А - Мобаил» адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Арсоу Ҳашба
Иара иазгәеиҭеит аамҭа Аԥсны ишаднаҵо ари адунеитә хырхаҭа ақәныҟәара. Уи игәаанагарала аилацәажәара иалкаау ашьаҿақәеи ахыдҵақәеи рышьақәыргылара иацхраароуп.
Аԥсны ацифраркра иалацәажәеит аминистрцәа реилазаараҿы
Аинформациатә технологиақәа ралагалара иазкын аԥыза-министр Владимир Делба имҩаԥигоз аилатәара. Уи иалахәын аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы анапхгаҩы Роланд Берулаа, Аԥсны раԥхьатәи IT-ашкол СТЕМЛАБ адиректор Алмасхан Марколиа, Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа аҿиара Афонд анапхгаҩы Леуан Миқаа, амобилтә еимадара аоператорцәа рхаҭарнакцәа.
Аҟәа араион Каман ақыҭан гәырӷьарала иазгәарҭеит иԥшьоу Василиск Комантәи игәалашәара амш ҳәа аанацҳауеит Аԥснытәи Аиашахаҵаратә уахәама ателеграм-канал
Изларҳәо ала, аимператор Максимиан Галериа (305-311) имҩаԥигоз ашьҭашәарыцарақәа раан, Римтәи аибашьҩы-ақьырсиан Василиск Христос дахьхаиҵоз азы ааха иоуит, уи иҭынхацәа Евтропии Клеоники дрыцны, иԥшьоу рныҳәарақәа ирыхҟьаны Артемида лбаҟа аныбга ашьҭахь.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Ахада Казбек Кокови реиԥылара мҩаԥысит
Бадра Гәынба Казбек Коков иҭабуп ҳәа иеиҳәеит лаҵарамзазы Нальчик имҩаԥысуаз аурыс-аԥсуа ҿартә форум амҩаԥгараан аԥсуа делегациа гәыблыла иахьидикылаз азы.







