pressadmin-2

pressadmin-2

Уи алахәылацәа иреиуоуп атуристтә усхки, ауаажәларратә крыфарҭақәеи, абылтәыҭаҭәарҭатә станциақәеи рхаҭарнакцәа.

Шәҩык инареиҳаны астудентцәа аҵара ахьырҵо аҵараиурҭа сынтәа иалгоит аспециалистцәа ҿарацәа ргәыԥ ҿыц: 11-ҩык - аҿыханҵа аҟәша аҟынтәи, хәҩык-адизаин аҟәша аҟынтәи. Аԥышәаратә комиссиа аилазаара иалан Аԥсны акультура аминистрра ахаҭарнакцәа.

«Аԥарашәаратә дисциплина ишиашоу иадҳәалоуп аенергосистемаҿы ҭагалани аӡыни иҟоу ақәыӷәӷәара дуқәа риааира. Ахархәаҩцәа рҟынтәи аԥаратә лагалақәа – ари аӡынтәи амзақәа рзы, амчхара азымхара ахҩаразы, ихымԥадатәиу акоммерциатә фымцамч ианаамҭоу аашьҭреи афымцатә ҳақәа реиҭашьақәыргылареи алзыршо ресурсуп», – ҳәа азгәеиҭеит аминистр.

Абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Урыстәыла Афедерациа Ахада Владимир Путин.

Ареспубликатә хәышәтәырҭа агемодиализ аҟәша аиҳабы Ирина Андреева лажәақәа рыла, аҟәша аус ауеижьҭеи абар 14 шықәса ҵуеит. Аусура ианалагоз агемодиализ роуазҭгьы 15-ҩык рҟынӡа ачымазыҩцәа, иахьа урҭ рхыԥхьаӡара 70-ҩык рҟынӡа инаӡеит.

Абри атәы иҳәеит аԥыза-министр Владимир Делба Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Афедералтә шәахтә маҵзура аиҳабы Даниил Егорови реиԥылараан.

Аԥсны усутә визитла иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәахтә маҵзура аиҳабы Даниил Егоров ареспублика анапхгара ааԥхьара ахьрырҭаз азы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, Аԥснытәи рколлегацәа рзанааҭдырра ахә ҳаракны ишьеит, иазгәеиҭеит еицырзеиԥшу апроектқәа зегьы ианаамҭоу ишынарыгӡо.

Аиԥылара иара убас иалахәын аԥыза-министр Владимир Делбеи ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр Едгар Бениеи.

Алкааҿы иҳәоуп аҩныҵҟатәи ахашәалахәқәа роптимизациа шхымԥадатәиу, афинанстә цәыӡ дуқәа раԥыхра шаҭаху .

Аекономика аминистрра хара имгакәа ареспублика асоциал-економикатә ҿиара ирҿыцу азԥхьагәаҭа ӡырнагоит. Абри атәы иҳәеит аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб Жәлар Реизара аҟны.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.