pressadmin-2
Сынтәа Пицунда ақалақь амш азгәарҭоит ахаша, нанҳәамза 5 рзы
Асасцәеи ақалақь ауааԥсыреи амш зегьы иалагӡаны игәылҭәаау апрограмма рзыԥшуп. Астадион хадаҿы аҭыԥантәи атауарқәеи ақыҭанхамҩатә аалыҵи ахьырҭиуа аџьармыкьа еиҿкаахоит, еиуеиԥшым атематикатә ҭыԥқәа аатуеит.
Астолтә ԥкьаҭмпыл азы Аԥсны ачемпионат Тҟәарчал ақалақь аҿы имҩаԥысит
Аицлабрақәа ирылахәын ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи 60-ҩык аспортсменцәа.
Ачемпионат аӡбаҩ хадас дыҟан Руслан Сариан.
Аҳәса рыбжьара аицлабрақәа реихшьаалақәа рыла ахьтәы медал ланашьахеит Ерика Кәарҷиа (Аҟәа), араӡны медал – Кама Адлеиба (Аҟәа), аџьаз медал - Хана Малиа (Аҟәа).
Ахацәа рыбжьара аиааира игеит Леон Габлиа (Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Ренат Карчаа (Аҟәа), ахԥатәи - Милор Аԥхазаа (Тҟәарчал).
Ачемпионат аҿы аиааира згази аԥхьахәгаҩцәеи аԥаратә ҳамҭақәа ранашьан.
XXIV Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит...» аатит Аҟәа, С.Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа
Аныҳәатә усмҩаԥгатә еизнагеит асасцәа рацәаҩны, Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи иԥшәмаԥҳәыси, Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, аминистрцәа Реилазаара алахәылацәа, Жәлар Реизара адепутатцәа.
Пицунда имҩаԥысуаз IV Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль хыркәшоуп
Пицундатәи ауахәамаҿы имҩаԥысуаз афестиваль афбатәи, ахыркәшаратә мшы Амшын Еиқәа аԥшаҳәаҿы еиднакылеит еицырдыруа амузыкантцәеи хыԥхьаӡара рацәала аклассикатә ҟазара абзиабаҩцәеи. Ахыркәшаратә концерт хыԥхьаӡара рацәала ауаа аднгалеит.
Афестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит...» мҩаԥгахоит Аԥсны, х-ҭыԥк рҟны еиуеиԥшым х-программак рыла
Нанҳәамза 2 рзы Аҟәа Хьыбла Гьерзмааи Пиотр Востоков иџьазтә оркестр Дуи еицырдыруа асовет ашәақәа ирылху апрограмма ӡырыргоит. Исаак Дунаевски, Иури Милиутин, Александра Пахмутова рмузыка иалху акульттә фильмқәа рҟынтәи акомпозициақәеи иара убас Арно Бабаџьаниан, Вано Мурадели, Андреи Ешпаи рырҿиамҭақәеи нарыгӡоит. Асасцәа ирзыԥшуп Александр Цфасмани Едди Рознери рџьазтә композициақәа, иара убас узқәымгәыӷуа аинтерпретациала еицырдыруа аромансқәа.
«Атәым хәыҷы дыҟаӡам»: Маиа Цыбулевскаиеи Кама Аӡынбеи «Аҭаацәаратә ҩны» иаҭааит
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Маиа Цыбулевскаиеи асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Кама Аӡынбеи акризистә центр «Аҭаацәаратә ҩны» иаҭааит. Аиԥылараан ааӡамҭацәа рыбзазареи рынхашьа аҭагылазаашьақәеи еилыркааит, иара убас аусбарҭа аколлективи анапхгареи ирыҿцәажәеит.
Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩи Аԥсны аомбудсмени атәылауаа рзинқәа рыхьчара иалацәажәеит
Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Анас Кьышьмариа Урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков аппарат аусурашьа изеиҭалҳәеит, дазааҭгылеит аусура ахырхарҭа хадақәа, аинститут аҿиара аԥеиԥш атәы.
Абылтәы аусхк аҟны иҟоу ауадаҩрақәа аамҭалатәи аҟазшьа рымоуп ҳәа азгәеиҭеит аенергетика аминистр Баҭал Мышәба
«Аиҳабыра есыҽны аҭагылазаашьа иахылаԥшуеит, алогистикеи абылтәы анашьҭреи ирыдҳәалоу азҵаарақәа иахьынӡалшо ирласны рыӡбаразы Урыстәылатәи рколлегацәеи дареи иахәҭоу ауснагӡатәқәа зегьы еицымҩаԥыргоит», — иҳәеит Мышәба.
Аԥсны Абанк аушьҭымҭацәа-амедалистцәа агәаларшәагатә банкнотақәа ҳамҭас ирынаҭеит
Амилаҭтә банк аҿы имҩаԥысит аҵара ибзиаӡаны иалгаз, амедалқәа занашьоу ашколқәа роушьҭымҭацәа ирызкыз ацеремониа. Аԥсны Абанк анапхгара аҿар ирыдырныҳәалеит алҵшәа бзиақәа, иагьазгәарҭеит рџьабаа. Аушьҭымҭацәа ирзеиӷьаршьеит аҵареи азанааҭтә усуреи рҿы ԥхьаҟатәи ақәҿиарақәа.
130-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра аҳәаахьчаратә ԥҟаррақәа реилагаразы аҭакԥхықәра иақәыршәоуп
2026 шықәса актәи азыбжазы Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи ареспубликаҿы иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭеи русзуҩцәа аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчареи аҳәаахьчаратә режим аиқәыршәареи русхк аҟны аилагарақәа маҷымкәа иаадырԥшит.







