pressadmin-2
Аҵара аминистр актәи лхаҭыԥуаҩ Хьыбла Шамба Аҟәатәи ахатәы бжьаратә школ «Альфа» комплексла агәаҭара алҵшәақәа рзы аҳасабырба дазааҭгылеит
Лара иаарԥшыз аилагарақәа ртәы лҳәеит, ашкол анапхгара рзы урҭ раԥыхразы иаҭаху рылалҳәеит.
Шамба лажәақәа рыла, аинспекциа амҩаԥгараан иазгәаҭан аилагарақәа жәпакы — ашколтә документқәа иашамкәа амҩаԥгареи аусзуҩцәа рџьатә зинқәа реилагареи инадыркны амазара азы азиншьақәыргыларатә документқәа рыҟамзаареи амцарцәаратәи асанитартәи шәарҭадара анормақәа рықәымныҟәареи рҟынӡа.
Иаарԥшыз аилагарақәа рфактқәа зегьы аофициалтә ԥҟара аҳасабала еиқәыршәоуп, уи анагӡара ахылаԥшра ӷәӷәа амоуп.
Иҳаҩсыз аҵарашықәс аихшьаалақәеи, аҵаратә стандарт ҿыцқәа рышьақәырӷәӷәареи, аҵарашықәс ҿыц азы апланқәеи ирызкуп Аминистрцәа реилазаара аконференц-зал аҿы имҩаԥысыз аҵара Аминистрра аколлегиа инарҭбаау аилатәара
Имҩаԥылгеит аҵара аминистр Хана Гәынба.
Аколлегиа аилатәараан ареспублика аҵаратә усҳәарҭақәа жәпакы рҿы имҩаԥгаз акомплекстә гәаҭарақәа рылҵшәақәа рзы аҳасабырба ӡырыргеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аҳҭнықалақь абжьаратә школқәа №3, №7, иара убас Аҟәа иҟоу ашкол «Альфа».
Аиԥылара алахәылацәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭеит аҵареи абызшәатә зыҟаҵареи рхаҭабзиара аизырҳара ирызкыз азҵаарақәа. Ишьақәырӷәӷәахоит ирҿыцу астандартқәеи аҵаҩцәа рдыррақәа рыҩаӡара ахәшьара аҭаразы аҭахрақәеи. Аԥсахрақәа ирыҵаркуеит 4-тәи аклассқәа рҿы аԥсуа бызшәа арҵара, 6-тәи 7-тәи аклассқәа рҿы аԥсуа литература, иара убас аурыс бызшәа иаурысым ашколқәа рҿы (4-тәи, 6-тәи, 7-тәи аклассқәа рзы).
Арҵагатә материал ҿыцқәеи апрограммақәеи шьақәырӷәӷәатәуп: аҩбатәи акласс аҵаҩцәа рзы арҵага шәҟәы «Алитературатә ԥхьара», иназыцҵоу аҵарадырра асистемазы — ашколхәыҷқәа аҽыбӷаҟазара дырҵара иазырхоу иҷыдоу апрограмма «Абҩарҵәыра».
2025-2026 аҵарашықәс азы Аминистрра аусура инарҭбаау анализи аихшьаалақәеи дырзааҭгылеит аминистр Хана Гәынба.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба зхадараҿы дыҟоу Аԥсны аделегациа алахәуп XIII Жәларбжьаратәи атехнологиатә ҿиара афорум «Технопром‑2026»
Аделегациа аилазаара иалоуп адәныҟатәи аусқәа рминистрра астратегиатә усеицура Адепартамент аиҳабы Џьамал Бганбеи Мрагылара Ааигәеи Африкеи Рдепартамент аиҳабы Артур Гагәылиеи.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь имемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа ихы алаирхәит
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш аҽны Џьгьарда ақыҭан иҟоу Аԥсны аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь имемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков ареспублика ауааԥсыра жәларбжьаратәи ахьыԥшымра азхаҵара амш рыдиныҳәалеит
Адипломат иҟаиҵаз ааԥхьараҿы игәалаиршәеит 18 шықәса раԥхьа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵаразы аӡбамҭа атәылақәа иҿыцӡоу рҭоурых аҿы еиҭасрны ишыҟалаз, уи иалнаршеит аҭынчра ахьчареи Аахыҵ Кавказ атәылауаа ршәарҭадара аиҿкаареи.
Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш аҽны Алада Ешыра ақыҭан имҩаԥысит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба имемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа
Владислав Арӡынба ихьӡ иадҳәалоуп аибашьраҿы аиааиреи аибашьра ашьҭахьтәи раԥхьатәи ашықәсқәа рзы ҵҩа змам ауадаҩрақәа риааиреи.
Атәыла анапхгара Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз ргәаладыршәеит
Аҟәа, Ахьӡ-аԥша апарк аҿы, Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 18 шықәса аҵра аҳаҭыраз имҩаԥысит 1992-1993 шш. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа.
Нанҳәамза 26 Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш ауп
18 шықәса раԥхьа, 2008 шықәса нанҳәамза 26 Дмитри Медведев иусԥҟала Урыстәылатәи Афедерациа официалла иазханаҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи.
Ваҳаид Керимов: «Ҳашьцәа ҳахьчарц ҳаауан»
1992 шықәса нанҳәамзазы иҩызцәеи иареи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ишалагаз шеилыркаази афронт ахь иаарц шырыӡбази иазку игәалашәарақәа ҳацеиҩишеит Чечентәылантәи хатәгәаԥхарала еибашьра иааз Ваҳаид Керимов.
Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз ачечен Рем Садыков: «Ҳқәыԥшра ҳԥырхагамхеит аиашьаратә аԥсуа жәлар рыцзраараҿы»
1992-1993 шш. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз Чечентәылантәи хатәгәаԥхарала еибашьра иааз Садыков «Аԥсныпресс» акорреспондент иазеиҭеиҳәеит аибашьра иазку игәалашәарақәа, иҩызцәеи иареи аиашьаратә жәлар рыхьчаразы амҩа иқәларц зырыӡбаз, Аҟәатәи ажәылара аилашымҭаз аибашьцәа ҿарацәа рҟазшьа шыӡрыжәхоз.







