pressadmin-2

pressadmin-2

Аԥсны Раԥхьатәи Ахада дыргәаладыршәарц иааит Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Ахада Иусбарҭа анапхгара, Аиҳабыра алахәылацәа, Апарламент адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Аԥсны Иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Асҭамыр Кациа, Аԥсны Арбџьармчқәа рыруаа, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз ранацәа, ауаажәларра.

Ауаа реиҳараҩык реиԥш иаргьы дазыԥшымызт нанҳәамза 14 рзы аибашьра иалагоит ҳәа, дгәыӷуан Қырҭтәылеи Аԥсни ирыбжьаз аиҿагыларақәа аиҿцәажәарақәа рыстол аҿы рыӡбара алыршахап ҳәа.

Иахьа 34 шықәса ҵит 1992 - 1993 шш. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалагеижьҭеи.

«Ҳаҭыр зқәу ҳџьынџьуаа!

Аԥсны ҳаамҭазтәи  аҭоурых аҿы зегь реиҳа итрагедиатәу арыцхәқәа иреиуоуп нанҳәамза 14. Ари амш аҽны 1992 шықәсазы Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалагеит. Аибашьра ҳажәлар агәаҟра ду иҭанаргылеит, ақәхра ахықә иқәнаргылеит, ахақәиҭреи, Аԥсадгьыли, аԥеиԥши рцәыӡра ашәарҭара иҭанаргылеит.

34 шықәса раԥхьа, нанҳәамза 14, 1992 рзы, аԥсшьаратә аамҭа аилашымҭаз, Ҭенгиз Китовани напхгара зиҭоз Қырҭтәыла Амилаҭтә гвардиа агәыԥқәа аихамҩа ахьчара ҽыҵгас иҟаҵаны Аԥсны аҳәаа иахысит.

Ҭырқәтәыла амилаҭтә еизара ду аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны аа-партиак рдепутатцәа апарламент аҭӡамцқәа рҿы Аԥсны аиҟәыҭхара аԥыхразы аҳәамҭа еицыҟарҵеит. Ари атема аполитикатә мчқәеи еиуеиԥшым агәаанагарақәеи еиднакылеит.

Ԥхынгәымзазы аԥшаҳәа аартра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә аан Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба ирыдыркылеит астратегиатә ӡбара Аҟәатәи аԥшаҳәеи апаркқәеи Рдирекциа аԥҵаразы.

Аоперативтә еилацәажәара мҩаԥылгеит акоррупциа аҿагыларазы азакәанԥҵара анагӡара азини ахылаԥшреи русбарҭа аиҳабы Зарина Соблирова.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.