pressadmin-2

pressadmin-2

Ареспубликақәа рхадацәа рышьыжь алагеит аинрал Минигали Шаимуратов ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵареи Уфа аҭоурыхтә центр аҭаареи рыла. Анаҩс Ареспублика Аҩнаҿы Бадра Гәынбеи Ради Хабирови реиҿцәажәарақәа мҩаԥысит, ашьҭахь инарҭбаау аилазаараҿы аделегациақәа рлахәылацәа алархәны аиԥылара мҩаԥган.
Аиԥылара мҩаԥысит Уфа иҟоу Евразиатәи аҭҵарадырратә центр Аҵараиурҭабжьаратә студенттә кампус аҿы.
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи Аԥсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешбеи рхы аладырхәит Адыгеиа, Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черқьесиа, Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Исҳаҟ Машбаш аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара ацеремониа.
Аныҳәа иазкны имҩаԥгаз аилатәараҿы адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагба.
 
Аԥсны Ахада иҟаиҵаз адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа ауааԥсыра!
 
Ишәыдысныҳәалоит шәықалақь Амш!
Ари аныҳәамш азгәаҭара иаԥсаны, иаҭахны иҳадаҳкылаз ӡбамҭоуп.
 
Гәдоуҭа аҭоурыхла ибеиоу, хьӡи-ԥшеи змоу атрадициақәа ныҟәызго қалақьуп. Урҭ ҳара имырӡкәа иааиуа абиԥарақәа ирызнаҳгароуп.
Гәдоуҭа ақалақь акрызҵазкуа Аԥсны ақалақьқәа ируакуп. Ара ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа инхон-инҵуан ҳабацәа, урҭ рабацәа. Дара иаԥырҵаз аҭынха ду иахьа ҳара гәадурала иеиқәырханы иааҳгоит.
 
Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа аҭыԥ ҷыда ааннакылоит ҳаамҭазтәи Аԥсны аҭоурых аҟны. Аԥсны Ҳџьынџьтәылатә еибашьраан иара аҳҭнықалақьра ныҟәнагеит ҳҳәар алшоит. Ароуп жәлар рԥыза ду Владислав Григори-иԥа Арӡынба идгылаз иҩызцәагьы иаргьы аԥсуа жәлари аԥсуа ҳәынҭқарреи рзы аҭоурыхтә ҵакы змаз аӡбамҭақәа ахьрыдыркылоз.
 
Иахьатәи аныҳәа аҽны ҳаҭырла иаҳгәаларшәоит Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз гәдоуҭаа рҵеицәа. Урҭ рфырхаҵара Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых ианызаауеит наунагӡа.
Гәдоуҭа иахьа аҽеиҭанакуеит. Ахаҿра аҽаԥсахит, амшын аԥшаҳәа аҿиара иаҿуп. Ҳара иаҳҭахуп арҭ ар́ҿыцрақәа ауаа рыԥсҭазаарагьы ианыԥшларц.
 
Ақалақь амалқәа зегьы ирмалуп уи иқәынхо ауааԥсыра, зҭоурых еиқәырханы иаазго, зықалақь бзиа избо, уи арԥшӡара иацхраауа. Аԥхьаҟагьы Гәдоуҭа ақалақь аԥеиԥш знапы иану шәара шәоуп, акыр иаԥсоу гәдоуҭаа.
Гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит аизҳазыӷьара, агәабзиара, анасыԥ. Иҿиалааит, хьӡи-ԥшеи агымзааит аринахысгьы Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа!
Ҽааныбзиала шәнеилааит зегьы!»
Шьыжьнаҵы аԥшаҳәаҿы гәырӷьарала ишьҭырхит Аҳәынҭқарратә бираҟ. Ақалақь аҿы Аԥсны зегь реиҳа иҳараку абираҟшьаҟа ыҟоуп.
 
Абираҟ ашьҭыхра иазкыз аныҳәатә церемониа иалахәын Аԥсны Афырхаҵа Геннади Марганиа, ақалақьтә школқәа рҵаҩцәа.
Араион ахада Асҭамыр Аргәын ақалақьуаа аныҳәа рыдиныҳәалеит:
 
«Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит иахьатәи амш-Гәдоуҭа ақалақь-фырхаҵа Амш! Ари аныҳәа баша амзар аҿы рыцхәӡам.
Уи ақалақь ауааԥсыра зегьы рзеиԥш ҭоурыхи, ари адгьыл аҿы аҭынчреи ахақәиҭреи аҳра рурц азы ҳақәԥареи иасимволуп. Гәдоуҭа ииашаны ақалақь-фырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы амоуп, ҳара ҳзы гәадура дууп араҟа анхареи аусуреи.
 
Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәоит есыҽны араион аҿиараҿы злагала дуу: азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа, аветеранцәа, аҿар, ҳаԥсадгьыли ҳақалақьи реизҳазыӷьаразы амаҵ зуа дарбанызаалак».
Асҭамыр Аргәын гәдоуҭаа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, анасыԥ, аҭынчра, ақәҿиара дуқәа.
 
Ақалақь амш апрограмма аспорттә хәҭа иаҵанакуеит амаланыҟәатә еиԥхныҩлара, ашахмати ашашкақәеи рзы адәахьтәи атурнирқәа, анапылампыли амҵәышәмпыли рзы аицлабрақәа (уаанӡатәи асанаториа «Волга» аҵакыраҿы), Кәарацхьелиа Д. ихьӡ зху адәы маҷ аҿы ашьапылампыл азы атурнир, карате азы аиндаҭларақәа.
 
1992-1993 шш. С.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аҿы асааҭ 15:30 рзы иаатуеит афотоцәыргақәҵа «Ажәытәтәи Гәдоуҭа», уаҟа ицәыргоуп уаанӡа икьыԥхьымыз ақалақь иуникалтәу архивтә фотосахьақәа.
Асааҭ 16: 00 рзы В.И. Ленин ихьӡ зху апарк аҿы имҩаԥысит аныҳәатә хәыҷтәы программа.
Асааҭ 19: 00 рзы имҩаԥысит аныҳәатә концерт ду.
Асааҭ 21:30 рзы иалагеит адиджеи Shiri, агәыԥ «Jam-Band» злахәу аҿар рконцерттә программа.
Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа афеиерверк ԥшӡа ала ихыркәшахоит.

Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смыр ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Аҭаараан аганқәа ихадоу ахырхарҭақәа рыла аусеицура аҿиара азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәараны иҟоуп.

Апрограмма иазԥхьагәанаҭоит Башкортосҭан ахада Ради Хабиров официалла иԥылареи инарҭбаау аилацәажәареи.

Иара убасгьы Аԥснытәи аделегациа аҭаауеит Урыстәылеи Аԥсни ркультуратә центр, Аҵараиурҭабжьаратәи кампус, ареспублика анапхгараҭаратә Центр, атехнопарк «Зубово», еилнакаауеит арегион иналукааша анаплакқәа русурашьа.

Волгоградтәи аобласт аҿы имҩаԥысит Урыстәылазегьтәи арра-патриоттә хәмарра «Зарница 2.0» афинал. Асасцәа дыруаӡәкхеит Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.

Иара жәларбжьаратәи аицлабра иалахәу Аԥснытәи акоманда дрыҿцәажәеит, ирзеиӷьеишьеит аманшәалара ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аминистрра апресс-маҵзура.

Аԥснытәи акоманда ахәмаррахь иашьҭит ареспублика аҵара Аминистрра. Аҷкәынцәа аҽазыҟаҵареи, алеишәеи, акомандаҿы аусуреи бзиа аадырԥшит.

Аԥсны аҵара аминистрра ашколқәа рнапхгаҩцәеи аҭаацәеи рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҵаҩцәа рзы иаку амаҭәа астандартқәа ралагалараан абаланс иқәныҟәаларц, ахырҟьацәара иаламгарц. Абри атәы лҳәеит аҵара аминистр Хана Гәынба аколлегиаҿы лықәгылараан.
 
«Азал аҿы дыҟоуп Адгәыр Паата-иԥа Какоба. Иара идҵала 2018 шықәса рзгьы аминистрра аӡбра аднакылеит ашколтә форма алагаларазы. Убри аҟнытә иахьа иҿыцу ҳәа акгьы ҳхәыцӡом, аус зуа аԥҟара ҳгәалаҳаршәоит ауп.
 
Ҳаиԥыларақәа рҿы изныкымкәа ҳалацәажәахьан иаку афора шхымԥадатәиу. Аха ари азҵаара иахьагьы школқәак рҿы ацәажәарақәа цәырнагоит. Аҭагылазаашьа схы иархәаны сазааҭгылар сҭахуп акрызҵазкуа ҭагылазаашьак: аҵараиурҭақәа жәпакы рҿы аҭаацәа ирыдырҵоит аминистрра адҵа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны иалкаау аформа аархәаларц. Шәааи ахырҟьацәара ҳаламгап», – ҳәа ааԥхьара ҟалҵеит Хана Гәынба.
 
Ажәалагала ҟалҵеит иаку ашколтә форма алагалараан еиуеиԥшым агәаанагарақәа ирызхәыцырц.
 
«Шәара зегьы шәахь исымоуп аҳәара хада — шәааи ари апроцесс ҳаицашьклаԥшып. Ҳхықәкы мариоуп: ахәыҷы уанихәаԥшуа иаразнак иубарҭазароуп ашколхәыҷы ҳаԥхьа дышгылоу», – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Гәынба.
 
Аҵыхәтәаны лара агәрагара аалырԥшит аҵарадырра асистема аспециалистцәа рымчқәа реибыҭара иабзоураны ицәырҵуа ауадаҩрақәа зегьы риааира шалыршахо.
 
«Ҳџьабаа еидара хьанҭоуп. Ҳажәлар рԥеиԥшг ҳнапаҿы иҟоуп. Сара издыруеит уадаҩрақәак шыҟоу, аха ари азҵаараҿы ухы рыцҳаушьар, угәы каужьыр ҟалаӡом. Арҵаҩы истатус акыр ишкаҳаз егьа иалацәажәаргьы, ҳтәылаҿы уи усҵәҟьа иҟам. Сара агәра гаҵәҟьаны сыҟоуп ҳара зегьы шҳалшо», – лҳәеит аҵара аминистр.
 

Аҵара аминистр Хана Гәынба ашкол «Альфа» анапхгара иҟарҵаз аҳәамҭақәа ахҳәаа рылҭеит, инаҵшьны иазгәалҭеит агәаҭара еиҳа еиҿкаау аусуразы агәацԥыҳәара шанаҭо.

Аиҟәыҭхаразы ацәажәарақәа иашам: Аусбарҭа адиалог азы иаартуп. Аҵыхәтәантәи шықәсыки бжаки рыҩнуҵҟа «Альфа» аҟынтәи арҵага шәҟәқәа, ма аметодикатә материалқәа рзы зыҳәарак мааицт, аурокқәа рҿы арҵаҩцәа ахкьыԥхьаақәа рхы иадырхәар акәхоит. Аофициалтә зыҳәа ыҟазар аминистрра иаразнак иахәҭоу алитература анаҭоит.

Акадрқәеи адокументқәеи: ашкол арҵаҩцәа ААУ аҟны иҟоу азанааҭтә дырра аизырҳаразы Ацентр аҿы акурсқәа ирхысыр рылшоит. Акрыфара ахаҭабзиаразы азҵаарақәа ыҟаӡам, аха азиншьақәыргыларатә документқәа азакәан инақәыршәаны еиқәыршәатәуп — аусбарҭа азинтә ҟәша уи аҿы ацхыраара иазыхиоуп. Аҵара алҵшәақәа: Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭаларазу иахьа алшарақәа зегьы ыҟоуп, убри аҟнытә ари аусура ахаҭабзиара рбага хадаӡам.

«Ари агәаҭара хықәкыс иамоуп ахатәы школ "Альфа" Аԥсны Аҳәынҭқарра иаку аҵарадырра асистемахь аинтеграциа азура ауп».

Ахатәы школ «Альфа» адиректор Фатима Дауҭиа 26 шықәса рыҩнуҵҟа раԥхьатәи мҽхакы ҭбаала аусбарҭа агәаҭара аихшьаалақәа ахҳәаа алҭеит. Анапхгаҩы ажәа рылҭеит аилагарақәа зегьы шдыриашо азы, иагьазгәалҭеит аҳәынҭқарреи дареи русеицураҿы асистематә проблемақәа шыҟоу.  

Аинформациатә вакуум: 26 шықәса ҵуеит ашкол аминистрра аҟынтәи аҵаразы иаҭаху амаҭәарқәеи ашәҟәқәеи, арҵагатә цхыраагӡақәеи аиуӡомызт. Аԥсышәала арҵага шәҟәқәа ҩынтәны иҳараку ахә ахыршәаауеит. Дауҭиа ажәалагала ҟалҵеит Аԥсны аҵара аминистррахь ахатәы школқәа рзы хазы акуратор дҟарҵарц.  

Афинанстә еидара: Аусбарҭа акоммерциатә тарифқәа рыла ахә ашәоит азинҷыда ада. Убри аан мышкала 800 мааҭ ҳәа ашкол еиқәнаршәоит ахәыҷқәа асааҭ 9:00 инаркны 17:00-нӡа рыҟазаара, ҩынтә акрыфара, 6-7 урок, ахәыҷы изы 17-ҩык рҟынӡа аспециалистцәа русура.  

Аҵара ахаҭабзиара ҳаракы: агхақәа арҵаҩцәа ирхарам, анапхгара формала иҟарҵаз агхақәа роуп. Азыҟаҵара бзиа шьақәнарӷәӷәоит аушьҭымҭацәа Аԥсни Урыстәылеи иреиҳау аҵараиурҭақәа иахьҭало.  

«Ашкол анаскьагара, анаҩс астандартқәа ирықәшәом ҳәа азнеира ианеиҵаха ииашам ҭагылазаашьоуп. Аус еицаҳур зегьы ҳарҽеиуеит», - лҳәеит Дауҭиа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.