pressadmin-2

pressadmin-2

Ԥхынгәымза 17 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәи Азинмчнаӡеи змоу Ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра агәраргагатә шәҟәқәа инапы иаиркит.

Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Анас Кьышьмариа аппарат аусура аихшьаалақәа ҟалҵеит АГТРК аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаҟны.

Ақалақьтә ԥшаҳәа аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа ирылагеит амшцәгьа иахҟьаны иҟаз амшынцәқәырԥа агаҿа аинфраструктура аԥхасҭа ӷәӷәа ананаҭа ашьҭахь. Уажәазы аргылаҩцәа 1700 метра рҟынӡа инаӡо аԥшаҳәа ахәҭа шьаҭанкыла еиҭашьақәдыргылахьеит. Иахьатәи аамҭазы аусурақәа рыхәԥса  136 миллион мааҭ артәахьеит. Аиҭашьақәыргылараан анџьныртә ҳақәа шьаҭанкыла ирыԥсахит, ҳаамҭазтәи арлашагатә цәаҳәақәа ықәдыргылеит.

Гагра ақалақь аҿы ахәыҷбаҳча ҿыц «Абырлаш» аусура иалагеит. Акрызҵазкуа асоциалтә обиект аргыларазы аԥара азоужьын аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи.

Атәыла ахада хаҭала дрыҿцәажәеит абиологиеи абиомедицинеи рфакультет астудентцәа. Ԥхьаҟатәи аспециалистцәа аҳәынҭқарра ахада изеиҭарҳәеит ари иҷыдоу арҵаратә базаҿы ироуз атеориатә дыррақәа апрактикаҿы ишышьақәдырӷәӷәо.

Гагра араион Багрыԥсҭа ақыҭан ахәыҷбаҳча «Ашана» аартра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит. Ахәыҷбаҳча 30 шықәса аус ауӡомызт.

Пицунда ақалақь аҿы ахәыҷбаҳча «Амзар» аартра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.

«Борис Виктор-иԥа патриот иашан, иус ҭакԥхықәрала дазнеиуан, ихатә гәаанагара иман. Иԥсҭазаара зегьы иԥсадгьыл амаҵ аура иазикит, иуаажәлар ринтересқәа рыхьчара дазықәԥон, амилаҭтә культура арҿиара  дашьҭан.

Аиԥылараан аганқәа алацәажәеит аԥсуа-аурыс усеицура актуалтә зҵаарақәа, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аидгыларатә еизыҟазаашьақәа аринахысгьы рырӷәӷәара аԥеиԥш.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.