АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 21:05

Аҵаратә программа «Аԥсны амедиа ҿыцқәа» алахәхаразы азыҳәақәа рыдкылара аартуп

Апрограмма алахәхаразы азыҳәақәа рыдыркылоит абҵарамза 30-нӡа аофициалтә саит abkhazmedia.org аҿы. Алԥшаара аихшьаалақәа рыла 60-ҩык афиналистцәа рзанааҭтә дырра аизырҳареи рхатәы проектқәа аус рыдулареи ирзырхоу хәыда-ԥсадатәи акурс ахысразы алшара роуеит.

Апрограмма алахәхаразы ааԥхьара рымоуп ажурналистцәа, аблогерцәа, апресс-маҵзурақәа русзуҩцәа уҳәа амедиаиндустриа ахаҭарнакцәа. Аҵара иаҵанакуеит Аԥсни Урыстәылеи имҩаԥысраны иҟоу латәаралатәи арҵаратә модульқәа ԥшьба.

Апрограмма иазԥхьагәанаҭоит аекспертцәа аус рыцура, акомандатә практика, ахатәы медиапроектқәа разырхиара. Иреиӷьу аԥшьгарақәа равторцәа рыпроектқәа рынагӡаразы ацхыраара роур рылшоит.


Read 14 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.