АЖӘАБЖЬҚӘА
26.Жьҭаара.2026
Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаартуп ацәыргақәҵа «Шьалуа Инал-иԥа-ауаҩи аҵарауаҩи»
Аусмҩаԥгатә аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор 110 шықәса ихыҵра иазкуп.
Жьҭаарамза 20, 21 рзы иаартыз ацәыргақәҵаҿы иӡыргоуп Инал-иԥа аус ахьиуаз аҩыгатә еишәа, инапылаҩырақәеи ицитатақәеи, иара убас аԥсуаҭҵааҩы иҭынха иазку ашәҟәыҩҩцәеи аҭҵаарадырратә усзуҩцәеи ражәақәа.






