Print this page
21.Жьҭаара.2026

Аԥснытәи астудентцәа Сҭампыл апрактика иахысит

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи рфакультет астудентцәа апрофильтә практика иахысуан Сҭампыл жьҭаарамза 12-16 рзы. Аҵара еиҿкаауп Медиет Аҳәынҭқарратә университет ашьаҭала Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчы змоу Ахаҭарнакра ацхыраарала.

Апрограмма иалахәуп жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҭоурыхи ртеориеи ркафедра ахәбатәи акурс астудентцәа 16-ҩык. Ԥхьаҟатәи аспециалистцәа рзы еиҿкаан адунеитә ҭоурыхи ҳаамҭазтәи аглобалтә ҭагылазаашьеи ирызку алекциақәа рцикл.

Агәцаракра рымоуп Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аполитика аконцептуалтә шьаҭақәа, жәларбжьаратәи атерроризм аҿагылара, Мрагылара Ааигәа агеополитикатә процессқәа, аекономикатә ҭоурых азҵаарақәа. Аԥшьгамҭа азырхоуп астудентцәа рзанааҭтә дыррақәа реизырҳара, рылаԥшҳәаа арҭбаара, жәларбжьаратәи академиатә еимадарақәа рырӷәӷәара.


Read 431 times